ЕАР адунеизегьтәи атуризм еиҿкара маӡаныҟәгаҩ хадас  Зураб Пололикашвили деиҭалырхит
ЕАР адунеизегьтәи атуризм еиҿкара маӡаныҟәгаҩ хадас Зураб Пололикашвили деиҭалырхит

ЕАР адунеизегьтәи атуризм еиҿкара маӡаныҟәгаҩ хадас еиҭах Зураб Пололикашвили далырхит. Пололикашвили кандидатура иадгылеит 85-ҩык, иаҿагылеит 26-ҩык. Уи ари аҭыԥ ахь далхуп ҩышықәсатәи аҿҳәарала.

ЕАР адунеизегьтәи атуризм еиҿкара ассамблеиаҿ ақәгылараан, Пололикашвили апандемиа иахҟьаны аԥхасҭа зауз атуризм ахырхарҭа аиҭашьақәыргылара азҵаара дахцәажәеит.

ЕАР адунеизегьтәи атуризм еиҿкара амаӡаныҟәгаҩ хадас иалхра ашьҭахб, Зураб Пололикашвили априоритет хадақәаны ақыҭанхамҩатә туризми арегионтә аҿареи роуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Испаниа аҳҭнықалақь аҿы Адунеизегьтәи атуризм аиҿкаара ассамблеиа мҩаԥысуеит. Акоронавирус иахҟьаны, ассамблеиа хышықәсатәи ааҭгылара ашьҭахь раԥхьаӡа еизеит. Уаҵәы амч роуеит Бырзентәыла ирыдыркылаз аӡбамҭа – Қырҭтәыла аиҿҟаара алахәыла астатус аофициалла аиуеит.