Донецктәи аобласт апрокуратура адыррақәа рыла, аиланхарҭа Ниу-Иорк абомбақәа ақәыжьраан иҭахеит ԥшьҩык
Донецктәи аобласт апрокуратура адыррақәа рыла, аиланхарҭа Ниу-Иорк абомбақәа ақәыжьраан иҭахеит ԥшьҩык

Урыстәылатәи амчқәа рыла аиланхарҭа Ниу-Иорк абомбақәа ақәыжьраан иҭахеит ԥшьҩык. Ари аанацҳаит Донецктәи аобласт апрокуратура.

Аусҳәарҭа аинформациала,урыстәылатәи мчқәа аиланхарҭа авиабомбақәа хәылбыҽхан ақәрыжьит.

Ахәрақәа роуит хҩык. Урҭ ахәышәтәырҭахь инагоуп.

Аԥжәараан аԥхасҭа аиуит анхарҭақәеи ақыҭанхамҩатә хыбрақәеи.