Дональд Трамп - Украинаа абџьар раҳҭароуп, урҭ ахыхьчара рылшароуп
Дональд Трамп - Украинаа абџьар раҳҭароуп, урҭ ахыхьчара рылшароуп

ЕАШ ахада ДональдТрамп иажәақәарыла, Украинашҟа иацҵаны абџьар ишьҭуеит.

Дональд Трамп Украина азҵаара дазааҭгылеит Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу иҟны аиԥылараҿ.

“Украинаа абџьар раҳҭароуп, урҭ ахыхьчара рылшароуп. Урҭ уажәы ихьанҭоу ажәыларақәа ирҿагылоит. Иацҵаны ахыхьчаратә абџьар раҳҭароуп. Ари ахаос ауаа рацәаны иалаӡуеит”, – иҳәеит Трамп.