Дональд Трамп - Ҳара аҭынчратә аплан ҳамоуп, аҭынчрахь ҳназго амҩа, Зеленски уи дақәшаҳаҭхар акәхоит
Знымзар-зны Зеленски ари дақәшаҳаҭхар акәхоит, – иҳәеит ЕАШ ахада Дональд Трамп икабинет аҿы Ниу-Иорк ҿыц иалхыз ахада Зохран Мамдани иареи реиԥылара ашьҭахь.
Трамп ЕАШ аус адызулаз Украина аибашьра аанкылара хықәкыс измоу 28 пункт рыла ишьақәгылоу аҭынчратә план дахцәажәеит.
“Ҳара аплан ҳамоуп. Уа каамеҭуп иҟоу. Ари ахаангьы иҟамлар акәын, егьҟаломызт усҟан сара ахадас сыҟазҭгьы. Ари ԥхашьароуп. Ҳара аҭынчратә аплан ҳамоуп, аҭынчрахь ҳназго амҩа, Зеленски уи дақәшаҳаҭхар акәхоит. Иҳаҩсыз амзазы иҭахеит 25000-ҩык аруаа. Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь абри еиԥш ҳамбаӡацт. Ахыркәшара ҳазааигәахоит, аха апрогнозқәа рыҟаҵара изаацәоуп”, – иҳәеит Трамп.