Дмитро Кулеба - Афронт аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иаабоит, акризис адипломатиатә мҩала аҭыԥқәҵара алшара макьана иҟоуп
Дмитро Кулеба - Афронт аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иаабоит, акризис адипломатиатә мҩала аҭыԥқәҵара алшара макьана иҟоуп

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитро Кулеба асоциалтә каҭа “Феисбук” аҿы алаирҵәаз авидеонҵамҭаҿ ишазгәеиҭаз, афронт аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иубарҭоуп, аха акризис адипломатиатә мҩала аҭыԥқәҵара алшара иҵегьы иҟоуп.

Кулеба иажәақәа рыла, арҭ амшқәа рзы адипломатиатә шьаҿақәа рсериа мҩаԥгахоит, урҭ иреиуоуп ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентон Блинкени Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылареи, адунеитә лидерцәеи Владимир Путини ҭелла реиҿцәажәареи.

“Урыстәыла адипломатиатә қәыԥшылараҿ аҳәаақәҵаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ҳпартниорцәа рҟынтә ари аус аҿы адгылара ҳамоуп, аха иарбанзаалак асценари анагӡаразы ҳахиазароуп,” – иҳәеит Кулеба.