Дмитри Песков – Украина аоперациа ҷыда ахыркәшара аҿҳәара аӡбахә ҳәам
Дмитри Песков – Украина аоперациа ҷыда ахыркәшара аҿҳәара аӡбахә ҳәам

«Украина аоперациа ҷыда ахыркәшара аҿҳәара аӡбахә ҳәам», — иҳәеит Урыстәла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

«Мап, аӡбахә ҳҳәом. Урыстәыла анапхгара рпланқәа зегьы нагӡазаауеит заанаҵы ишьақәырҕәҕәаз аҽҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны», — иҳәеит Песков.

Иара иажәақәа рыла,  Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Украина  аҭынчуаа излауа ала ршәарҭадара ихьчаны, ақалақь дуқәа ргара алшоит, агуманитартә корридорқәа рыда.

Песков Америка ахада ибжьагаҩ Џьеик Салливани Джозеп Боррели иҟарҵаз аҳәамҭақәа дрыхцәажәеит. Дара иҳәамҭала, ахада Путин агәынамӡара ааирҧшит аурыс арбџьармчқәа иара ишиҭахыз еиҧш ҧхьаҟацара ахьрылымшаз азы.

«Аоперациа ианалагоз ахада Путин адҵа ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистрра зыҧшра ҟамҵакәа  Киеви егьырҭ ақалақь дуқәеи рштурм иаламгарц», — иҳәеит  Песков.

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ иҳәамҭала, Путин абри аҩыза адҵа ҟаиҵеит, избанзар  бџьарла еибыҭоу анационалисттә гәыҧқәа  анхарҭатә пунктқәа рҿы игылоуп.