Дмитри Песков - Кремль Украина азҵаара иадҳәаланы аилацәажәарақәа рымҩаԥгаразы Минск аделегациа ашьҭра азыхиоуп

Кремль Украина азҵаара иадҳәаланы аилацәажәарақәа рымҩаԥгаразы Минск аделегациа ашьҭра азыхиоуп, – иҳәеит Урыстәыла ахада ипресспикер Дмитри Песков

„Зеленски иажәалагала иаҭакны Владимир Путин Украина азҵаара иадҳәаланы аилацәажәарақәа рымҩаԥгаразы Минск урыстәылатәи аделегациа ашьҭра дазыхиоуп“, – ааицҳаит Песков.

Песков иажәақәа рыла, Зеленски иахьа иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина анеитралитет азҵаара ахцәажәаразы дыхиоуп.