Дмитри Песков - Даҽазнык исҳәоит, Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алаларазы  ашьаҿақәа рыргылара ҳгәы иҭам
Дмитри Песков - Даҽазнык исҳәоит, Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алаларазы ашьаҿақәа рыргылара ҳгәы иҭам

Урыстәыла ахада ипресспикер Дмитри Песков иҟаиҵаз аҳәамҭала, Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алалара аганахьала ашьаҿақәа рыҟаҵара ргәы иҭам.

“Ари азҵаара знык сазааҭгылахьеит, уажәы даҽазнык исҳәоит, Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алалара аганахьала ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳгәы иҭам”, – иҳәеит Кремль апреспикер.

Де факто ахада Анатоли Бибилов идҵа инақәыршәаны, Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион Урыстәыла алалара иазку арефрендум рашәара 17 рзы мҩаԥгахоит.

Цхинвалтәи арегион ҿыц иалху де-факто ахада  Алан Гаглоев иҟаиҵаз аҳәамҭала, еиҟәшоу ауаҧс жәлар иаку Урыстәыла аилазаараҿы реидҵара аидеиа дақәшаҳаҭуп, аха уи даҽа зҵаарак иқәиргылеит – абри аҭоурыхтә хҭыс уажәоума ианаамҭоу ҳәа.