Дмитри Кулеба Германтәыла хаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Украина ақәылара аичырчара ирылоу аҳәамҭақәа ҟарымҵарц
Дмитри Кулеба Германтәыла хаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Украина ақәылара аичырчара ирылоу аҳәамҭақәа ҟарымҵарц

Укрина Аләныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба Германтәыла хаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит  Украина ақәылара аичырчара ирылоу аҳәамҭақәа ҟарымҵарц.

Кулеба “Твиттер” аҿы ишааицҳал, Украинеи Германтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҩаӡареи ашәарҭадара уажәтәи аҭагылазаашьеи Германтәыла аҵыхәтәантәи аамҭазы абџьар аҭара иазкны иҟанаҵаз аҳәамҭақәеи, Украина ажәылара ҟалар, Урыстәылатәи афедерациа Swift жәларбжьаратәи ашәара асистемантә алцара иадҳәаланы ирымоу апоициеи, Ҟрым аъынҳәра иазку аҳәамҭақәеи ианаалом.

Украина аганахьала мраҭашәараҿ иҟоу апозициа уажәы аҵак ҷыда амоуп.

“Германтәылатәи апартниорцәа Украина ақәылара аичырчара ирылоу аҳәамҭақәа рыҟаҵара иаҟәыҵроуп,” – иҩит Кулеба.