Дмитри Кулеба Германтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит даргьы Меркель лыгха ҟарымҵарц
Дмитри Кулеба Германтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит даргьы Меркель лыгха ҟарымҵарц

Дмитри Кулеба Германтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит даргьы Меркель лыгха ҟарымҵарц

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба,  иҳәамҭала,   2008 шықәсазы Бухаресит НАТО асаммитаҿ ирыдыркылаз аӡбара ашьҭахь,  2008 шықәсазы Путин Қырҭтәыла дыжәылеит,  уи иашьҭагылеит Ҟрым аннексиагьы.

«2014  шықәсазы Украина НАТО иалазҭгьы,  Ҟрым аннексиеи,  Донбасс аибашьреи,  Украина ақәлареи  зыҟаломызт», —  иҳәеит  Кулеба, иара Германтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит даргьы Меркель лыгха ҟарымҵарц.

«Аканцлер Меркель лыгха еиҭаҟашәымҵан,  2008 шықәсазы, Бухарест, лара НАТО ашҟа Украина алалара   даҿагылан», — иҳәеит  Кулеба.

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала, аибашаьра ахьынӡамҩаҧысуа Украина НАТО иалалоит  ҳәа игәы иаанагом.

«Аха, аибашьра анеилгалак, Украина Алиансахь ирыдрымкылар, уи Европазы аҽшьроуп иаанаго», — иҳәеит  Кулеба.