Давид Залкалиани - Ампыҵахалара аҭагылазаашьаҿ имҩаԥгаз ареферендум аиуристтә мчы амам
2008 шықәсазы иҳамаз аҭагылазаашьа еиҭаҟалар аҽазкрақәак иҟоуп, Қырҭтәыла апровокациақәа аҽалагалара рҭахуп, ҳара ари алшара аӡәгьы иаҳҭом, избан акәзар аишьҭагыларатә аҭынчратә политика ҳамоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани даниатәи иколлега Иепе Кофиди иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.
Залкалиани иажәақәа рыла, даниатәи иколлегеи иареи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ишьақәгылаз ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа иахәаԥшит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ишааицҳаз, Қырҭтәыла аҭынчратә политика нанагӡоит, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааԥсыра Евроеидгыла алаларантә иаауа ахырҳагара рзыршарц аҭахуп.
„2008 шықәсазы иҳамаз аҭагылазаашьа еиҭаҟалар аҽазкрақәак иҟоуп, Қырҭтәыла апровокациақәа аҽалагалара рҭахуп, ҳара ари алшара аӡәгьы иаҳҭом, избан акәзар аишьҭагыларатә аҭынчратә политика ҳамоуп; ари аполитика ҳнапхгара мҩаԥнагоит, ари аполитика хықәкыс амоуп адеоккупацие амч ахархәара мап ацәкреи, арҭ ахыдҵақәа Қырҭтәыла изныкымкәа ахахьы агахьеит. Ҳара арҭ ахыдҵақәа еилаҳгом, ҳтерриториақәа рырхынҳәразы амч ахархәара ҳгәы иҭам. Ари ҳараҳиуристтә ҭакԥхықәрақәоуп. Қырҭтәыла аҭынчратә политика нанагӡоит, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааԥсыра Евроеидгыла алаларантә иаауа ахырҳагара рзыршарц аҭахуп“, – иазгәеиҭеит Давид Залкалиани.