Давид Арахамиа - Михеил Саакашвили даҳзыхынҳәааит, Урыстәылаҟны аԥыррақәа аԥыххааит, асанкциақәа еилаганы агрессор ицхыраара аҟәыҵхааит, усҟан еизыҟазаашьақәа рҭыԥқәҵараа ахцәажәара ҳалшоит
Украинатәи “Радаҿ” афракциа “Жәлар рымаҵуҩы” ахантәаҩы Давид Арахамиа Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.
“Урыстәыла иадгыло Қырҭтәыла анапхагра ҳеизыҟазаашьақәа рҭыԥқәҵаразы ҳтәылауаа рекстрадициа иазкны дҵақәак иқәнаргылоит”, – иҩит Арахамиа.
Асоциалтә каҭаҿы Арахамиа хпунктк алаирҵәеит, иажәақәа рыла, урҭ рынагӡарала Қырҭтәыла аизыҟазаашьақәа рҭыԥқәҵара алщоит.
„1. Абахҭантә доужьҭны, ҳтәылауаҩ Михеил Саакашвили даҳзыхынҳәааит; 2. Урыстәылаҟны ишиашоу аԥыррақәа аԥыххааит, ари ақырҭуа жәларгьы ирҭахуп; 3. Асанкциақәа еилаганы агрессор ицхыраара аҟәыҵхааит. Усҟан еизыҟазаашьақәа рҭыԥқәҵараа ахцәажәара ҳалшоит“, –иҩит Арахамиа.
Иацы, Қырҭтәыла Аиҳа́быра иҟарҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, “Аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы, раҧхьа иргыланы, Украина анапхгара, иахьа Украина аиҳабыраҿ амаҵзураҭыҧ дуқәа аанызкыло ацәгьауцәа хымҧада Қырҭтәыла иарҭароуп“.