Давиҭ Зилфимиани – Аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы мҩа заҵәык ауп иҟоу, «Амилаҭтә ҵысра»  2024 шықәсатәи алхрақәа рҿы алахәызааразы аморатори аарыцҳароуп
Давиҭ Зилфимиани – Аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы мҩа заҵәык ауп иҟоу, «Амилаҭтә ҵысра»  2024 шықәсатәи алхрақәа рҿы алахәызааразы аморатори аарыцҳароуп

Аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы мҩа заҵәык ауп иҟоу, «Амилаҭтә ҵысра»  2024 шықәсатәи алхрақәа рҿы алахәызааразы аморатори аарыцҳароуп, — иҳәеит  «Европатәи асоциалистцәа» алахәыла  Давиҭ Зилфимиани Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Зилфимиани  иҳәамҭала, абри ашьаҿалагьы иубарҭахоит дара рзы аҧыжәара змоу: еиҭах амчра аиура акәу атәыла аиқәырхара акәу.

«Изаамҭаным алхрақәа рызҵаара ӡбоуп. Изаамҭаным алхрақәа ҟалом. Убри аҟынтә, уажәы ари азҵаара баша иалацәажәоит. Ҳҭагылазаашьа цәгьоуп, абри ауп аус злоу.  Џьоукы афутуристтә хәыцрақәа рыцәырҵзаргьы, сгәы ишаанаго ала, абри аганахьала мҩа заҵәык ауп иҟоуп. «Амилаҭтә ҵысра»  2024 шықәсатәи алхрақәа рҿы алахәызааразы аморатори аарыцҳароуп.  Абри ашьаҿалагьы иубарҭахоит дара рзы аҧыжәара змоу: еиҭах амчра аиура акәу атәыла аиқәырхара акәу.  Уажәазы усҟак иубарҭам аоппозициаа хымҧада ицәырҵуеит, алхыҩцәагьы дара ирҭаху аполитикатә мчы алырхыр рылшоит», — заявил Давиҭ Зилфимиани.