Давиҭ Залкалиани  - Зны-зынла астратегиатә партниорцәа рҳәатәы еиқәшәом, аха, уи аҭыҧқәҵаразы гәаартыла еицәажәароуп, ақырҭуа аган аиҿцәажәара иазыхиоуп
Давиҭ Залкалиани  - Зны-зынла астратегиатә партниорцәа рҳәатәы еиқәшәом, аха, уи аҭыҧқәҵаразы гәаартыла еицәажәароуп, ақырҭуа аган аиҿцәажәара иазыхиоуп

Зны-зынла астратегиатә партниорцәа рҳәатәы еиқәшәом, аха, уи аҭыҧқәҵаразы гәаартыла еицәажәароуп, – иҳәеит Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Давиҭ Залкалиани Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа данрылацәажәоз.

Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуа аган аиҿцәажәара иазыхиоуп.

„Америкатә ҳҩызцәа гәаартыла срацәажәоит.  Зны-зынла астратегиатә партниорцәа рҳәатәы еиқәшәом, аха, уи аҭыҧқәҵаразы гәаартыла еицәажәароуп, ақырҭуа аган аиҿцәажәара иазыхиоуп Ҳареи Америкеи акыршықәсатәи аизыҟазаашьақәа рыла ҳаидҳәалоуп, ҳаизыҟазаашьақәа 32 шықәса рхыҵуеит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны, ҳара еснагь ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбаара ҳалацәажәон. Афактқәа рылагьы ишьақәҳарҕәҕәон, ҳаруаа, америкатә аруаа ирывагыланы, рхы иамеигӡакәа, жәларбжьаратәи амиссиақәа зегьы ирылахәын. Абарҭ аизыҟазаашьақәа роуп  шьаҭас иҳамоу аполитикатә, иара убас, аекономикатә ганахьала еснагь ҕәҕәала аус еицаауан. Абри ауп ҳазлацәажәаша“, – иҳәеит Залкалиани.