Давиҭ Залкалиани – Жәларбжьаратәи ауаажәларра ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло
Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рхархәара нанагӡоит Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аимак аҭыҧқәҵареи атәыла адеокупациеи азҵаараҿы жәларбжьаратәи адгылара арҕәҕәаразы. Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аимак арыцхә инамаданы ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы ари азҵаара алацәажәара традицианы ишьақәгылеит, — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани.
Залкалиани ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиа анеҩс 13 шықәса аҵра инамаданы, Ашәарҭадаратә хеилак аҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, аиҧылараҿы апартниор тәылақәа, даҽазнык аргама аарыцҳаит Қырҭтәыла ишадгыло, убри анеҩс, аҳәамҭа ҷыдақәа рыла иқәгылеит Ашәарҭадаратә хеилак иалахәы атәылақәа – Америкеи, Британиа Дуи, Естониеи, Ирландиеи, Норвегиеи, Франциеи, Албаниеи рхаҭарнакцәа.