Жьҭаара 14-16 рзы, авице-аҧыза, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани Словениатәи ареспублика даҭаауеит, уаҟа иара, атәыла анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәа дырҧылоит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишазгәарҭаз ала, 2021 шықәсазы Словениа Евроеидгыла Ахеилак аҿы ахантәаҩра амазаауеит, убри аҟынтә, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа инрываргыланы, Қырҭтәыла евроинтеграциагьы иалацәажәоит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Давиҭ Залкалиани, Словениа, Порторо ақалақь аҿы Қырҭтәыла Аҳаҭыртә консулра аартра ацеремониа ихы алаирхәоит. Давиҭ Залкалиани ауснагӡатә аҿы дықәгылоит.