Давиҭ Залкалиани – Қырҭтәыла Егры аӡиас аҿы иҭахаз ҧшьҩык атәылауаа рџьабоит, абри арыцҳарагьы урыстәылатәи ампыҵахалара амшалоуп ишыҟалаз
Давиҭ Залкалиани – Қырҭтәыла Егры аӡиас аҿы иҭахаз ҧшьҩык атәылауаа рџьабоит, абри арыцҳарагьы урыстәылатәи ампыҵахалара амшалоуп ишыҟалаз

Иахьа Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшуп. Атәылаҿы мшаҧы 7 рзы Егры аӡиас аҿы иҭахаз ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа рџьабоит.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, абри арыцҳарагьы урыстәылатәи ампыҵахалара амшалоуп ишыҟалаз.

«Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҿгьы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп, избанзар иахьа Қырҭтәыла Егры ацҳаҿ иҭахаз ҧшьҩык ҳтәылауаа ҳџьабоит. Абри арыцҳарагьы урыстәылатәи аимпыҵахалареи ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи амшалоуп ишыҟалаз. Иҭахаз ауаа руацәа ҳрыдашшылоит», — иҩит Залкалиани  Twitter аҿы.