Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшуп
Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшуп

Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, нанҳәа 3 рзы Они амуниципалитетаҿ, акурорт Шови иҟалаз  аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла ргәаларшәаразы нанҳәа 7 алахьеиқәҵаратә мшны рылаҳәоуп. Уи азыҳәан иашьашәалоу адҵа ҟаҵоуп. 

Сынтәа, нанҳәа 7 рзы, асааҭ  00:00 инаркны нанҳәа  8 асааҭ 00:00-нӡа, Қырҭтәыла зехьынџьара аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭызаауеит. 

Адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы. Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡит 18-ҩык.