Давиҭ Залкалиани  - Қырҭтәыла  - арегионаҿ Америка ҕәҕәала иадгыло тәылоуп  
Давиҭ Залкалиани  - Қырҭтәыла  - арегионаҿ Америка ҕәҕәала иадгыло тәылоуп  

 

«Ҳара акрызҵазкәа апроблемақәа ҳамоуп, ашәарҭадара аганахьалагьы, аекономикатәи агеополитикатәи ганахьалагьы. Қырҭтәыла – арегионаҿ Америка ҕәҕәала иадгыло тәылоуп», — иҳәеит Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Давиҭ Залкалиани.

«Ҳусеицура инагӡоит  30 шықәса еиҳаны,  ҳусеицура есышықәса иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит. Ҳара арегионаҿ Америка изызҿлымҳау  азҵаарақәа зегьы рҿы зҵакы дуу ароль наҳагӡоит.  Ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп Аахыҵ Кавказаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароли ҳрегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылара аус аҿы аҧыза-министр инаигӡо ароли. Америкатә ҳпартниорцәа уи иҳаракны ахә ршьоит.  Иааиуа ашықәс азы америкатә ҳпартниорцәеи ҳареи ҳусеицуреи ҳпартниорреи иаҳа иҕәҕәахоит», — иҳәеит Залкалиани.