Давиҭ Арахамиа - Украина, иаҳа иҕәҕәоу апозициала, нанҳәа анҵәамҭазы аиҿцәажәарақәа реиҭалагара алшоит
Украина, ҭыҧқәак рҿы аконтржәылара амҩаҧгара ашьҭахь, нанҳәа анҵәамҭазы иаҳа иҕәҕәоу апозициала Урыстәылаҟны аҭынчратә аиҿцәажәарақәа реиҭалагара алшоит.
Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, ари атәы ааицҳаит Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рҿы украинатәи аделегациа анапхгаҩы Давиҭ Арахамиа.
Иара иажәақәа рыла, Украина ахатә позициақәа арҕәҕәаанӡа, аурыс арбџьармчқәа жәабран 24нӡа иахьыҟаз апозициақәа рахь ихынҳәаанӡа, Украина аиҿцәажәарақәа реиҭалагара азҵаара иахәаҧшуам.