Давиҭ Арахамиа – Ақырҭуаа аӡбара ииаша рыдыркылароп, алхрақәа раан анапхгара рыҧсахроуп
Давиҭ Арахамиа – Ақырҭуаа аӡбара ииаша рыдыркылароп, алхрақәа раан анапхгара рыҧсахроуп

Украинатәи Радаҿ афракциа  «Ажәлар рмаҵзуҩы» алидер Давиҭ Арахамиа иҳәамҭала,   Қырҭтәыла Михаил Саакашвили идҳәаланы Украина иқәнаргылаз аҳәарақәа нанамгӡар,  акызаҵәык ауп иаанхо,  жәларбжьаратәи асанкциақәа.

Арахамиа иҳәамҭала, асанкциақәа рыла ақырҭуа напхгара абарҭ азҵаарақәа рзы рызнеишьа рыҧсахратәы иҟаҵатәуп.

Иара убас,  Арахамиа ишазгәеиҭаз ала,  анеҩстәи алхрақәа раан ақырҭуаа,  хымҧада анапхгара рыҧсахроуп.

«Қырҭтәыла анапхгара ҳара иқәҳаргыло аҳәарақәа абас изырҿагыло сзеилкаауам.  Убри азоуп Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара аганахьала апроблемақәа замоу. Ҳәарада,  ҳара ари аибашьраҿы ҳаиааиуеит. Урыстәыла Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҿы абри аҩызаҵәҟьа аполитика амҩаҧгара ада уаҳа ҧсыхәа аиуӡом.  Арҭ аҵакырадгьылқәа Қырҭтәыла ишатәу аадыруеит,  уигьы ӡбатәуп. Уи Қырҭтәыла анапхгара ҿыц иҟарҵароуп», — иҳәеит Давиҭ Арахамиа  «Мҭавари архи» аинтервиу аҿы.