Даӷьсҭан аҭыԥ змаз атерактқәа раан 15-ҩык аполициа аусуҩцәа ҭахеит
Даӷьсҭан аҭыԥ змаз атерактқәа раан 15-ҩык аполициа аусуҩцәа ҭахеит

Даӷьсҭан аҭыԥ змаз атерактқәа раан 15-ҩык аполициа аусуҩцәа ҭахеит, иара убас аԥсыҭбарақәа иреиуп аҭынч тәылауааи адоуҳаныҟәгаҩи.

«Иахьатәи атеракт 15-ҩык аполициа аусуҩцәа иалаӡит, урҭ Даӷьсҭан аҭынчра абџьар шьҭыхны ирыхьчон», —иҳәеит Даӷьсҭантәи Ареспублика аиҳабы Сергеи Меликов.

Меликов ишааицҳаз ала, аҳәынҭқаратә мчқәеи азакәанхьчаратә мчқәеи рхаҭарнакцәа аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит, имҩаԥысуеит аԥшаара-аусԥшааратә уснагӡатәқәа, фҩык ақәылаҩцәа аликвидациа рзууп.

Иацы, бџьалра еибыҭаз ахаҿқәа Дербент аҟны асинагогеи ауахәамеи ирылахысит. Аамҭакала гәыԥҩык ацәгьоуцәа Махачкала иҟоу апатрультә полициа рпост иақәлеит, даҽа қәыларак ҟалеит сқыҭа Сергокала аҟны.