Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратаә маҵзура – Қырҭтәыла аҩныҵҟеи анҭыҵи хаҿқәак рыла ишьақәгылоу гәыԥқәак, жьҭаара-ԥхынҷкәын азы Қырҭтәыла аилаҩынтра аиҿкаара ргәы иҭоуп, уи хықәкыс амоуп мчыла анапхгара аԥсахра
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратаә маҵзура – Қырҭтәыла аҩныҵҟеи анҭыҵи хаҿқәак рыла ишьақәгылоу гәыԥқәак, жьҭаара-ԥхынҷкәын азы Қырҭтәыла аилаҩынтра аиҿкаара ргәы иҭоуп, уи хықәкыс амоуп мчыла анапхгара аԥсахра

Қырҭтәыла аҩныҵҟеи анҭыҵи хаҿқәак рыла ишьақәгылоу гәыԥқәак, жьҭаара-ԥхынҷкәын азы Қырҭтәыла аилаҩынтра аиҿкаара ргәы иҭоуп, уи хықәкыс амоуп мчыла анапхгара аԥсахра, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратаә маҵзура аинформациа аҿы.

«Адеструктивтә процессқәа ралагара аамҭас иаарԥшуп сынтәатәи жьҭаара-ԥхынҷкәын – Еврокомиссиа абжьаратәи Евроеидгыла аихшьаалатә алкаа ацәыргара апериод. Анапхгара ахҳәаразы ачарҳәаҩцәа хықәкыс ирымоуп Евроеидгыла иҽеим алкаа цәырнагар, рнапаҿы иҟоу аинформациатә каҭақәа рыла аиҳабыра «апроаурыс» ахьӡ аҭареи, ауааԥсыра аҿагыларазы ааԥхьара аҟаҵареи.

Ари аплан авторцәа руаӡәыс даарԥшуп ԥасатәи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вано Мерабишвили ихаҭыԥуаҩ, уажәы Украина арратә аԥшыхәратә маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Лорҭқьиԥаниӡеи инапаҵаҟа иҟоу ақырҭуа хылҵшьҭра змоу ахаҿқәеи, урҭ дреиуп ахԥатәи ахада ԥасатәи ихьчаҩ Михаил Батурини Саакашвили еньырҭ иҩызцәеи, Украина иқәԥо «Ақырҭу́а легион» реиҳабы Мамука Мамулашвили. Иазгәаҭатәуп ари аплан акоординациа афинансркреи атәым тәыла аҟынтә шамоу.

Аплан аҿы сценарқәак иҟоуп, урҭ рыбжьара «ақьалақәа рықалақь» аргылара, Қырҭтәыла ацентртә амҩадуқәеи астартегиатә обиектқәеи рҿы абаррикадақәа реиҿкаара, аиҳабыратә хыбрақәа раанкылара-рыԥкра, апровокациақәа реиҿҟаара. Ишьақәырӷәӷәоуп дырроуп аиҿкааҩцәа 2014 шықәсазы Украина имҩаԥгаз «Евромаидан» еиԥшу асценари амҩаԥгара ргәы ишҭоу.

Иара убас ишдыру ала, акциақәа рымҩаԥгара ҭыԥ – «Ақьалақәа рықалақь» аҿы  Гьаргь Лордқьиԥаниӡеи Михеил Батурини реиҿкаарала  қьалак ахь аԥжәага артҟәацра ргәы ишҭоу. Атеракт амҩаԥгара рылшар, адеструктивтә мчқәа иақәгәыӷуеит азакәанхьчаҩцәа акциа алахәылацәа шреихсуа, ари атәылауаҩратә аиҿагылара шахылҵуа.

Ауаажәлар адырра раҳҭар ҳҭахуп арҭ апровокациақәа рымҩаԥгара Қырҭтәыла иаҿагыланы изныкымкәа шырҭахьаз, аха урҭ раԥыҟәҟәаара шҳалшаз. Аха иахьа иҟоу ахьанҭоу агеополитикатә ҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, уажәтәи аплан ашәарҭа ду аанарԥшуеит, Қырҭтәыла атәылауаа рыԥсҭазаареи, рмышхәбаззареи, ргәабзиареи ашәарҭа ҭаднаргылоит.

Арҭ ашәарҭақәа раԥыҟәҟәааразы, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратаә маҵзуреи егьырҭ, каомпетенциа змоу аусҳәарҭақәеи рҟны акоординациатә усзурақәа нарыгӡоит», – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратаә маҵзура анформациа аҿы.