CNN аҿы икьыҧхьуп Қырҭтәыла атуристтә потенциал иазку астатиақәа.
CNN аҿы астатиақәа кьыҧхьуп Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра иаҵанакәа Атуризм амилаҭтә администрациа амаркетингтә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Астатиақәа рҿы аарҧшуп Қырҭтәыла аҳәырҧсаррақәеи, аҩқәеи, асасдкылареи, аӡынтә курортқәеи.
«Қырҭтәыла — аекологиатә хкырацәараала иалкаау адунеитә ҳәынҭқаррақәа иреиуп», — астатиақәа руакы абри ахьӡ амоуп.
Атуризм амилаҭтә администрациа имҩаҧнаго аӡынтә амаркетингтә кампаниа иалахәып идуӡӡоу адунеитә АИХи атуристтә платформақәеи, урҭ иреиуп Conde Nast Traveler Global, Conde Nast Traveler Middle East, Time Out Magazine Middle East, Wego, CNN, National Geographic, Expedia, Vogue.
Акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, CNN аҿы иоурыжьҭуеит Қырҭтәыла аӡынтә курортқәа ирызку авидеонҵамҭақәа.
Акампаниа мҩаҧысуеит Саудтәи Аравиеи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи, Израили, Польшеи, Естониеи, Литвеи, Латвиеи, Германтәылеи, Франциеи, Испаниеи, Америкеи.
Абҵаразы излагаз акампаниа ажьырныҳәа анҵәамҭаӡа инагӡахоит.