CNN - Ашықәс ҿыц азы збара ҟало 12 европатәи ақалақьқәа  Қарҭ иреиуп
CNN - Ашықәс ҿыц азы збара ҟало 12 европатәи ақалақьқәа Қарҭ иреиуп

CNN аинформациала, Ашықәс ҿыц азы збара ҟало 12 европатәи ақалақьқәа Қарҭ иреиуп.

Австриеи, Германтәылеи, Франциеи, Бельгиеи, Польшеи, Норвегиеи, Голландиеи рықалақьқәа рсиа рыбжьара Қырҭтәыла аҳҭнықалақьгьы иубарҭоуп. Астатиа автор  Џьо Миниҳел CNN атуристтә портал аԥхьаҩцәа Қарҭ абара ирабжьеигоит.

“Ацәа иира ныҳәа бзиа збо ари ақалақь ахь шәцароуп, уа Ашықәс ҿыци нцәа ииреи зегь риеҳа ихадароу ныҳәақәоуп. Қырҭтәыла атәылауаа реиҳара аиашахаҵаҩцәа роуп, Анцәа иира ԥхынҷкәын 25 ацынхәрас, ажьырныҳәа 7 рзы иазгәарҭоуит. Ихадоу аныҳәа иазгәарҭоит ԥхынҷкәын 3 рзы. Ауааԥсыра аҳамҭақәа еиҭнырыԥсахуеит, ақалақь ажәҩан афеиерверкцәа рыла ирԥшӡоуп. Апарламент ахыбра аԥхьа Ашықәс ҿыцтәи аԥсаӡ ду гылоуп, уаҵәҟьа игылоуп Ашықәс ҿыцтәи ақыҭеи афестивальтә џьармыкьақәеи”, – иануп астатиа аҿы.