Чехиа анапхгара  Урыстәыла иҟоу ртәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа ари атәыла иалҵырц
Чехиа анапхгара  Урыстәыла иҟоу ртәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа ари атәыла иалҵырц

Чехиа анапхгара  Урыстәыла иҟоу ртәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа ари атәыла иалҵырц.  Ари атәы иануп Чехиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа инақәыршәаны,  Прага Урыстәылаҿ ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа аицәахара иаргәамҵуеит, убри аҟынтә, ртәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Урыстәыла иалҵырц.

Иара убас, Чехиа ахатә тәылауаа агәҽанҵара рнаҭоит Москва иҟоу Чехиа ацҳаражәҳәарҭа аҧратә усуратә режимахь ииасыр шыҟало.