Чехиа ацҳаражәҳәарҭа – Чехиа ацҳаражәҳәаҩ ибзианы идыруеит асанкциақәа рызҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла анапхгара апринциптә позициа шрымоу, иара ари апозициа ахә ишьоит
Чехиа ацҳаражәҳәарҭа – Чехиа ацҳаражәҳәаҩ ибзианы идыруеит асанкциақәа рызҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла анапхгара апринциптә позициа шрымоу, иара ари апозициа ахә ишьоит

Чехиатәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи ахәаахәҭра иазкны аҵыхәтәантәи аамҭазы амедиахархәагақәа  рҿы аларҵәара змаз апубликациақәа ирыдҳәаланы,  Чехиа ацҳаражәҳәаҩ Петр Микискеи Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Хвҭисиашвилии алҵшәа зхылҵша аиҧылра мҩаҧыргеит, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Чехиа ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы,  уи кьыҧхьуп ацҳаражәҳәарҭа аофициалтә феисбуқдаҟьаҿы.

„Ацҳаражәҳәаҩ иаҵшьны иазгәеиҭеит иара иҟаиҵаз акомментари аконтекст иаҟәыганы аларҵәара шаиуз,  иара Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ракәымкәа,  инеизакны ахәаахәҭра азҵаара далацәажәон,  избанзар,  Чехиа ацҳаражәҳәаҩ ибзианы идыруеит асанкциақәа рызҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла анапхгара апринциптә позициа шрымоу, иара ари апозициа ахә ишьоит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ари азҵааразгьы егьырҭ азҵарақәа рзгьы аинформациа аиҭныҧсахлара  иалацәажәеит. Қырҭтәыла анапхгара ирымаз агәҩара аҭыҧ иқәҵоуп ҳәы ҳгәы иаанагоит, уи уаҳа алацәажәара ахәҭам “, – иазгәаҭоуп аинформациаҿы.

Иахьа Чехиа ацҳаражәҳәаҩ  Петр  Микиску Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьеит.

Аминистрра адыррала, ацҳаражәҳәаҩ иҧхьеит иара уажәааны иҟаиҵаз аҳәамҭа амлаша. Петр Микиску ишиҳәаз ала, Чехиантә Қырҭтәылаҟа иаарго аалыҵ ахәҭак, асанкциақәа еилаганы, Урыстәылаҟа идәықәырҵоит.

«Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр  Хвҭисиашвили  чехиатәи аган даҽазнык аинформациа риҭеит абри аҩыза афактқәа раҧыхразы  Қырҭтәыла имҩаҧнаго ауснагӡатәқәа ирызкны.  Ақырҭуа аган ацҳаражәҳәаҩ иҟынтә аилыркаарақәа иаҳәеит  ииашам аинформациа аларҵәара иадҳәаланы.   Чехиа ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, иара иажәақәа ииашамкәа аинтерпретациа рызун. Аиҧылараан Чехиа ацҳаражәҳәаҩ ишьақәирҕәҕәеит асанкциақәа ирыдҳәаланы Қырҭтәылахь изакәызаалак зҵаарак шрымам», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.