Черниговтәи администрациа аиҳабы ишааицҳаз, Урыстәыла  иаашаанӡа ахысра иаҿын
Черниговтәи администрациа аиҳабы ишааицҳаз, Урыстәыла иаашаанӡа ахысра иаҿын

Черниговтәи администрациа аиҳабы Виачеслав Чаус ишааицҳаз, Урыстәыла аган аҟынтә иаашаанӡа ахысра иаҿын. Чаус иажәақәа рыла, аԥхасҭа роуит аинфраструктура, аҩнқәа, аԥхьарҭа ахыбра, ахәаахәҭратә центр.

„Иаашаанӡа аӷа Чернигов ахырхарҭала ахысра иаҿын, аха ҳара ақалақь еиҭашьақәҳаргылоит, иаҳа еиӷьу ақалақь ҳаргылоит“,- иҳәеит Чаус.

Черниговтәи администрациа аиҳабы ишааицҳаз, апрозектураҿ аҭыԥқәа иҟам, убри аҟынтә аԥсцәа рзы архьшәашәага рыԥшаара иаҿуп.

Иацы Урыстәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит Киевтәи Черниговтәи  аокругқәа рҿы ақәԥарақәа ҳармаҷуеит ҳәа.