Бута Робақиҿе ишьра аус азы аӡбарҭа Иракли Оқруашвили ахара иқәнаҵеит, Зураб Адеишвили акгьы ихарам ҳәа аԥхьаӡеит
Бута Робақиҿе ишьра аус азы аӡбарҭа Иракли Оқруашвили бжьышықәсатәи аҭакра ахара иқәнаҵеит, – асоциалтә ҳаҿы илҩаит Бута Робақиӡе иан Иа Метревли.
Метревели ишаалыцҳаз ала, уамашәа илбоит, аха аӡбарҭа Зураб Адеишвили акгьы ихарам ҳәа аԥхьаӡеит.
Иа Метревели лажәақәа рыла, егьырҭ аструктурақәа зегьы Адеишвили идҵақәа нарыгӡон.
Атәылахьчара ԥасатәи аминистр Иракли Оқруашвили аа-мза аҭакра иқәҵан апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы.