Британиа ду иаарҧшыз акоронавирус ахкҿы Германтәылагьы  Швеицариагьы иаарҧшуп

Британиа ду иаарҧшыз  COVID-19 ахкҿыц Германтәылагьы иаарҧшуп.  Guardian адыррақәа рыла авирус ҿызкааз аҧҳәыс Лондон аҟынтә Германтәыла днеит ҧхынҷкәын  20 рзы.

Иара убас, Швеицариагьы британиатәи амутациа раҧхьатәи афакт иазкны адырра ҟарҵеит. Авирус ахкҿыц здырбалаз ҩыџьа ауааҧсыра Британиа иатәылауаауп.