Британиа Ду акрал Чарльз III Австралиеи Зеландиа Ҿыци рмонарх ҿыцс дҟалеит
Британиа Ду акрал Чарльз III Австралиеи Зеландиа Ҿыци рмонарх ҿыцс дҟалеит.
Австралиеи Зеландиа Ҿыци раҳҭнықалақьқәа рҿы аофициалтә церемониақәа мҩаҧган.
Зеландиа Ҿыц аҧыза-министр Џьасинда Ардерн апарламентаҿ данықәгылоз ишылҳәаз ала, акралҧҳәыс лыҧсра ашьҭахь Зеландиа Ҿыц аиҭакрақәа иалагеит.
Австралиа иҟоу британиатәи амонарх ихаҭарнак, аинрал-губернатор Девид Херли аҳ Чарльз аҳәынҭқарра дшахагылаз ааицҳаит Канберра ақалақьаҿ иҟоу апарламент ахыбраҿ.
Британиатәи амонарх Австралиеи Зеландиа Ҿыци, иара убас, Иеиду аҳра анҭыҵ иҟоу 14 аҳрақәеи дырхагылоуп, аха, иара, бжеиҳарала, ацеремониалтә роль наигӡоит.