Британиа Ду аԥыза-министр ԥасатәи афинансқәа рминистр Риши Сунак дҟалоит.
Аихқәа ишаарыцҳаз, аԥыза-министр иԥыԥ азы ақәԥара мап ацәикит ауаԥшьқәа рпалата алидер Пени Мордонт.
Уаанӡа аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Борис Џьонсон Британиа Ду аҧыза-министр иҭыҧ дазықәҧом. Борис Џьонсон ишазгәеиҭаз ала, 2024 шықәсазы апарламенттә алхрақәа рҿы аиааиразы ашанс ду имоуп.
Борис Џьонсон инапынҵақәа рышьҭаҵара ашьҭахь, цәыббразы Аконсернвативтә партиа ахантәаҩреи аԥыза-министр иҭыԥ азы ақәԥареи рҿы Риши Сунак Лиз Траси лҟны даҵахеит.
Лиз Траси аԥыза-министр иҭыԥ 45 мшы аанылкылон, иҳаҩсыз амчыбжь азы уи лнаԥынҵақәа шьҭалҵеит.