Борис Џьонсон иҳәамҭала, Британиа Ду украинаа рзы авизатә режим армариара агәы иҭам
 Борис Џьонсон иҳәамҭала, Британиа Ду украинаа рзы авизатә режим армариара агәы иҭам

Британиа Ду аҧыза-министр Борис Џьонсон иҳәамҭала, Британиа Ду украинаа рзы авизатә режим армариара агәы иҭам. Ари атәы аанацҳаит  BBC.

Џьонсон ишазгәеиҭаз ала, Британиа Ду  — згәы ҳалалу тәылоуп, аха, атәылашҟа иаауа ауааҧсыра ргәаҭара нанагӡар аҭахуп.

«Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа иазҧхьагәаҭаны, ҳтәылашҟа иаауа ауааҧсыра ргәаҭара алшара ҳамазароуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Борис  Џьонсон.