Борис Џьонсон аҿыц министрцәа иқәиргылеит
Борис Џьонсон аҿыц министрцәа иқәиргылеит

Британиа Ду аҧыза-министр Борис Џьонсон аҿыц министрцәа иқәиргылеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

АИХ адыррала,   Борис Џьонсон  аиҳабыра аилазаара зегьы иҧсахит. Лымкаала,

Джеимс Клеверли  аҵара аминистрс дҟарҵеит.  Кеит Мальтхаус  агерцогра Ланкастер аканцлерс дҟалеит. Анхарҭатә аргыларақәа рзы аминистрс дықәдыргылеит  Грег Кларк.

BBC адыррала, иахьа  Борис  Џьонсон Аконсервативтә партиа ахантәаҩы иаҳасабала инапынҵақәа шьҭеиҵоит, аха, ҭагаланынӡа аҧыза-министр иҭыҧаҿы даанхар ҟалап.

Аҵыхәтәантәи ҩымш рыла Борис Џьонсон икабинет аанрыжьит  60ҩык раҟара. Ари аус Аконсервативтә партиа амаӡаныҟәгаҩ  Крис Пинчер идҳәалоуп,  иара асексуалтә ашьҭазаара  ихарарҵоит. Пинчер,  аҭамзаара шьҭаҵаны,  рашәара  30 рзы инапынҵақәа шьҭеиҵеит,  аха,  АИХ адыррақәа рыла,  ишеилкаахаз ала,  Пинчер изы ашшыҧхьыӡ алаҵан хышықәса раҧхьа,  Борис Џьонсон ари атәы идыруан, аха, уезгьы амаҵзураҭыҧ ду ииҭеит.