Болниси апластикатә ҧатлыкақәа аӡиас иҭазыжьыз атәылауаҩ дааныркылеит [авидео]
Қвемо-Қарҭли аполициа адепартамент ахаҭарнакцәа 2001 шықәсазы ииз Р.Ш. дааныркылеит аӡы арҟьашьра ахарадҵарала.
Зыӡбахәы ҳәоу атәылауаҩ аплатикатә ҧатлыкақәа рацәаны аӡиас иҭаижьуан.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, абри ацәгьауразы шықәсык аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.