Болгариатә апарламент иаднакылаз адекларациаҿы, Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьара иадгылоит
Болгариа апарламент Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьара адгылоит, – иануп Болгариа апарламент аднакылаз адекларациа аҿы. Адекларациа Болгариа азакәанԥҵаратә аиҿкаараҿ абжьқәа реиҳарак рыла Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Болгариа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркылеит.
Адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациа ала, адекларациа ҩыџьа ԥасатәи аԥыза-министрцәа иаԥшьыргеит, уи акоалициа иалоу аҩпартиак иадгылеит.
„Адекларациа Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәи аинтеграциа адгылоит, ари ақырҭуа жәлар аҭоурыхтә ралхра ауп шьаҭас иамоу. Адокумент аҿы ишану ала, Қырҭтәыла агеополитикатә алхра иҭбаау ауаажәларатә адгылара амоуп.
Адекларациа Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара иаҿагылоит.
Адокумент аҿы Болгариа даҽазнык аанарԥшуеит Қырҭтәыла асеверенитети атерриториатә акзаареи шрыдгыло“, – иануп аинформациа аҿы.