Биниамин  Нетаниаҳу  - «Ҳезболла» зеиҧшҟамлац ала ахә ду ашәара ақәшәоит  
Биниамин  Нетаниаҳу  - «Ҳезболла» зеиҧшҟамлац ала ахә ду ашәара ақәшәоит  

«Ҳезболла» зеиҧшҟамлац ала ахә ду ашәара ақәшәоит, иҳәеит Израиль аҧыза-министр Бениамин Нетаниаҳу израильтәи  адрузцәа рыуаажәларра алидер  даниацажәоз.

Израиль аҧыза-министр иофис аинформациа ишану ала, Нетаниаҳу Ҳезболла ала ахәыҷқәеи акгьы зхарам ауааи рышьра игәы ҧнажәеит.

«Аҧыза-министр Нетаниаҳу аргама ааицҳаит аҧсҭбаратә жәыларақәа дшырҿагыло, Ҳезболла зеиҧшҟамлац ала ахә ду ашәара шақәшәо», — иануп аҳәамҭаҿы.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла,  Голантәи аҳаракыра аахара амшала 11ҩык ҭахеит, ахәыҷқәагьы инрылаҵаны.  30ҩык раҟара ахәрақәа роуит. Израиль ари афакт Ҳезбаолла иахаранаҵеит, аха, Ҳезболла  ахаҭарнакцәа иааҧҵәаны мап ркит, дара ишырҳәаз ала,  ари ажәылара иадҳәалам.