Биниамин Нетаниаҳу  -  ҲАМАС иқәаҳхаанӡа Израиль Ҕаза асектораҿ аибашьра иаҟәыҵуам
Биниамин Нетаниаҳу  -  ҲАМАС иқәаҳхаанӡа Израиль Ҕаза асектораҿ аибашьра иаҟәыҵуам

Израиль аҧыза-министр  Биниамин  Нетаниаҳу иҳәамҭала,   ҲАМАС иқәырхаанӡа Израиль Ҕаза асектораҿ аибашьра иаҟәыҵуам.

Аҳәамҭа ишану ала, Израиль ахатә хықәкы нанагӡаанӡа аибашьра иаҟәыҵуеит ҳәа аӡәыр игәы иаанагозар, дҩашьоит.

«Ҳхықәкқәа зегьы наҳагӡаанӡа аибашьра ҳаҟәыҵуам. ҲАМАС ақәхреи, атәҟацәа рхақәиҭтәреи, Ҕаза асектор аҟынтәи ашәарҭара аҧыхреи, абри ауп хықәкқәас иҳамоу», —  иануп Израиль аҧыза-министр иҳәамҭаҿы.