Беқа Ӡамашвили – Страсбургтәи Апатала ду ишьақәнаргылеит аҳәынҭқарратә институтқәа ржәылараан аҳәынҭқарра амч ахархәара азин шамоу, аха, рашәара 20 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра усҟантәи анапхгара имцхәны амч рхы ишадырхәаз
Беқа Ӡамашвили – Страсбургтәи Апатала ду ишьақәнаргылеит аҳәынҭқарратә институтқәа ржәылараан аҳәынҭқарра амч ахархәара азин шамоу, аха, рашәара 20 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра усҟантәи анапхгара имцхәны амч рхы ишадырхәаз

Страсбургтәи аӡбара апалата ду ишьақәнарҕәҕәеит абҵаратәи абрифинг аҿы ауаажәлар ирылаҳҳәаз – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра усҟантәи анапхгаҩы  Гьаргь Гахариа иҟаиҵоз адҵақәа ииашамызт, – иҳәеит Қырҭтәыла аиустициа аминистр ихаҭыҧуаҩ Беқа Ӡамашвили Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа Страсбургтәи аӡбара иаланаҵаз ашшыҧхьыз азы Страсбургтәи аӡбара апалата ду иаднакылаз ақәҵара даналацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, Страсбургтәи аӡбара ақәҵара, ганкахьала, ишьақәнарҕәҕәеит аҳәынҭқарратә институтқәа ржәылараан аҳәынҭқарра амч ахархәара азин шамоу, егьи аганахьала, конкретла, рашәара  20 аус азы ишьақәнаргылеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра усҟантәи анапхгара имцхәны амч рхы ишадырәхаз.

„Иахьатәи ақәҵарала,  Страсбургтәи аӡбара  ишьақәнарҕәҕәеит аҳәынҭқарратә институтқәа ржәылараан аҳәынҭқарра амч ахархәара азин шамоу. Ари ақәҵара аҵакы ду амоуп, уи егьырҭ ахҭысқәа раангьы ахархәара амазаауеит. Иара убас, Апалата ду конкретла рашәара 20 аус азы ишышьақәнаргылаз ала, абри аконкреттә жәылара аиҿкаара иалахәын  аполитикатә мчқәагьы, абри амчыларатә акт иалахәыз ауаа зегьы рганахьала амч ахархәара закәанын. Аамҭакала, Апалата ду алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, конкретла, рашәара  20 иҟалаз ажәылараан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра усҟанатәи анапхгара имцхәны амч рхы иадырхәит. Страсбургтәи аӡбара апалата ду ишьақәнарҕәҕәеит абҵаратәи абрифинг аҿы ауаажәлар ирылаҳҳәаз – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра усҟантәи анапхгаҩы  Гьаргь Гахариа иҟаиҵоз адҵақәа ииашамызт. Апалата ду абри ақәҵареи апрокуратура иднаҵаз ахареи еиқәшәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит“, – иҳәеит Беқа Ӡамашвили.

Иара иажәақәа рыла, иахьатәи ақәҵараҿы даҽа факторкгьы аҵакы ду амоуп  – Апалата  ду алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит ари аус аҿы аҳәынҭқарра Страсбургтәи аӡбара аус шацнауаз.