Бениамин Неҭаниаҳу - ЕАШ ахадеи сареи "Ҳамас" анырҵәара иазкны ҳаиқәшаҳаҭхеит, уи аиқәҳара ҟалом
Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу ишааицҳаз ала, ЕАШ ахадеи иареи “Ҳамас” анырҵәара иазкны еиқәшаҳаҭхеит, ари Рафаҳ алалара ада ҟалом. Ари аҳәамҭа Неҭаниаҳу ҟаиҵеит “Фоқс ниус” аинтервиу аҿы.
Ажурналист Бениамин Неҭаниаҳу диҳәеит Џьо Баиден иҳәамҭа дахцәажәарц. Баиден иажәақәа рыла, Рафаҳ ажәылара ЕАШ рзы иҟаԥшьу цәаҳәоуп, ари иаҭакны Неҭаниаҳу ишазгәеиҭаз ала, Рафаҳ аҟны “Ҳамас” амчқәа рырӷәӷәара Израиль азы “иҟаԥшьу цәаҳәоуп”.
“ЕАШ ахадеи сареи “Ҳамас” анырҵәара иазкны ҳаиқәшаҳаҭхеит, уи аиқәҳара ҟалом“, – иҳәеит Бениамин Неҭаниаҳу.