Бельгиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Қарҭ даҭаауеит
Бельгиа Адәныҟатәии европатәи аизыҟазаашьақәеи, адәныҟатәи ахәаахәҭреи акультуратә институтқәеи рминистр Ҳаџьа Лаҳиб Еревани, Қарҭи, Бақәеи ԥшьымштәи визитла дырҭаауеит. Ари атәы аминистр асоциалтә каҭаҿы илҩит.
Бельгиатәи адипломат ишаалыцҳаз, авизит хықәкыс амоуп Аладатәи Кавказтәи арегион аҟны зыҿҳәара нагӡоу аҭынчра адгылара.
„Еревани, Қарҭи, Бақәеи ԥшьымштәи визитла сырҭаауеит. Авизит хықәкыс амоуп Бельгиа ахьӡала арегион аҟны зыҿҳәара нагӡоу аҭынчреи иҳа́бжьоу аимадарақәа рырӷәӷәареи рыдгылара”, – илҩит Ҳаџьа Лаҳиб.