Барселона, Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи испаниатәи азинхьчаратә органқәеи русеицура ала, зымҽхак дууз аоперациа ҷыда мҩаҧган
Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Евроеидгыла иалоу атәылақәа рзинхьчаратә органқәа рҟны активла аусеицура иаҿуп. Убри азыҳәан, жәларбжьаратәи еиҿкаау ацәгьаура қәҿиарала аҿагылара амзызла, европатәи атәылаәа рахь идәықәҵоуп аполициатә атташецәа.
Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, сынтәа, жьҭаара 20 рзы, Барселона имҩаҧган «Бану» захьӡу зымҽхак дуу аоперациа ҷыда.
Аоперациа ҷыда аан испаниатәи азинхьчаҩцәа ацәгьауратә гәыҧ жәҩык алахәылацәа ааныркылеит, урҭ рҟынтә ааҩык Қырҭтәыла иатәылауаауп, аӡәы Урыстәыла атәылауаҩ иоуп.
Зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра аҕьычреи акриминалтә гәыҧ алахәызаареи рхарарҵоит. Абри ахарадҵарала иазҧхьагәаҭоуп 5 шықәса аҭакра.
Аминистрра адыррақәа рыла, ахара зду ауааҧсыра русӡбаратә процесс мҩаҧган жьҭаара 22 рзы.