Бақәа-Қарҭ-Ҟарс аихамҩатә цәаҳәа иахьа инаркны аусура иалагоит.
Аартратә усмҩаҧгатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, Азербаиџьантәи ареспублика аҧхьаӡацтә аҿиареи атранспорти рзы аминистр Рашид Набиеви, Ҭырқәтәылатәи ареспублика атранспорти аинфраструктуреи рзы аминистр Абдулкадир Ораҕоглуи.
Иара убас, аусмҩаҧгатә аҿы иҟан Қырҭтәыла аиҳабыра алахәылацәеи, адепутатцәеи, адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи, апартниор тәылақәа рхаҭарнакцәеи, Шәамахьтәыла аинфраструктура аминистр Давиҭ Худатиани, Узбекистани Казахстани рҟынтә асасцәеи.
Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи еицынарыгӡаз аихамҩатә цәаҳәа ҿыц апроект зҵакы дуу ароль нанагӡоит Европеи Азиеи рыбжьара аимадара арҕәҕәара аус аҿы.