Бакуриани имҩаҧысуеит афестиваль  «Гиз-Гиз»
Бакуриани имҩаҧысуеит афестиваль  «Гиз-Гиз»

Бакуриани имҩаҧысуеит афестиваль  «Гиз-Гиз»

 

Иахьа Бакуриани раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит афестиваль  «Гиз-Гиз» 2026. Қырҭтәыла Атуризм амилаҭтә администрациа аиҿкаарала имҩаҧысуа афестиваль ахь хәыҧсада анеира ҟалоит.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧсшьацәа ирзеиҿкаауп амузыкатә программеи, еиуеиҧшым агәырҿыхаратә ашҭақәеи, иара убас, акрыфаратә пунктқәеи.

Агентраҿы ишырҳәаз ала, афестиваль хықәкыс иамоуп аҩныҵҟатәи атуризм аӡыргареи аҳәаанырцәтәи атуристцәа рыдаҧхьалареи.

Анеҩстәи афестиваль  «Гиз-Гиз» Гудаури имҩаҧысуеит, ажьырныҳәа  17 рзы.