Баҭымтәи спорт ахан аҟны украинатәи ахәыҷқәеи ақырҭуа хәыҷқәеи рспорттә фестиваль мҩаԥысит
Баҭымтәи спорт ахан аҟны украинатәи ахәыҷқәеи ақырҭуа хәыҷқәеи рспорттә фестиваль мҩаԥысит

Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистр Михаил Чхенкели Мухнар Вахтангаӡе ихьӡ зху Баҭымтәи спорт ахан аҟны аспорттә фестиваль ааиртит.

Афестиваль рхы аладырхәит уукраинатәи ахәыҷқәеи ақырҭуа хәыҷқәеи.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иӡбарала, Грушьевски ихьӡ зху Қарҭтәи 41-тәии Баҭымтәи 20-тәи абжьаратә школқәа рҿы украинатәи асекторқәа аԥҵан, уа украинатәи ахәыҷқәа рхатәы бызшәала аҵара аиура рылшоит.

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра Қырҭтәыла иҟоу украинатәи ахәыҷқәа  ирмариоу арежимла  ашколқәа рҭаҵара апроцесс еиқәнаршәоит. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, Қарҭи арегионқәеи рҿы ашколқәа ирҭоуп  1000-ҩык ашколхәыҷқәа рҭаацәа.