Баҭымтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ “Баҭумелебии” “Нетгазеҭи” ршьаҭаркҩы Мзиа Амаӷлобели лпроцесс мҩаԥысуеит. Иахьа аӡбаҩ раԥхьаӡа акәны Мзиа Амаӷлобели лҿахәы ҿылхуеит.
Аӡбарҭахь инеит европатәи атәылақәа рдипкорпус хаҭарнацәақәак.
Аӡбарҭа уадаҿ иҭацәу аҭыԥқәа иҟам.
“Уаанӡа Мзиа Амаӷлобели аӡбарҭаҿ ақәгылара алшара лымамызт. Иахьа лара ажьырныҳәа 11-12 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирызку азҵаарақәа аҭак рыҟаҵара лылшоит. Аҵак ҷыда змоу мшуп”, – иҳәеит адукат Кахабер Ҵереҭели.