Баҭым ақалақьтә аӡбара абизнесмен Галиф Озтиурк аҧкратә уснагӡатә изышьақәыргылара азҵаара иахәаҧшуеит
Баҭым ақалақьтә аӡбара абизнесмен Галиф Озтиурк аҧкратә уснагӡатә изышьақәыргылара азҵаара иахәаҧшуеит

Иахьа шьыбжьашьҭахь Баҭым ақалақьтә аӡбара абизнесмен Галиф Озтиурк аҧкратә уснагӡатә изышьақәыргылара азҵаара иахәаҧшуеит.

Озтиурк идукат ишиҳәаз ала, абизнесмен анаркотикқәа рацәаны раахәареи рыҵәахреи азы ахара идуп. Араҟа 7 граммк акокаинтә џьыкхыш  ауп излацәажәо.

Ахарадҵарала иазҧхьагәаҭоуп  8 шықәса инаркны  20 шықәсанӡа аҭакра.