Баҭым  «Альт-Инфо» аофиси уи ала ишьаҭаркыз  озурҭеҭтәи  «Аконсервативтә ҵысреи» рҿы аиҿагылара ҟалеит
Баҭым  «Альт-Инфо» аофиси уи ала ишьаҭаркыз  озурҭеҭтәи  «Аконсервативтә ҵысреи» рҿы аиҿагылара ҟалеит

Аиҿкаара «Альтернатива»  анапхгаҩы Хаҭуна Бериӡе,  аофис ашҟа днеины, ахыбра ашә ашәыга ақәылҭәеит. Лара ишылҳәаз ала, урыстәылатәи аофисқәа Қырҭтәылаҿ аҭыҧ рымамзароуп.

«Урыстәылатәи аофисқәа Қырҭтәыла аусура алшара раҳҭом. Дара ичарҳәаҩцәоуп. Аҧсадгьыл шаҟа ҳәа ирҭиуа ҳарҳәар, аҧара еизганы ираҳҭоит. Сыҧсы ахьынӡаҭоу сырҿагылоит», — илҳәеит  Хаҭуна Бериӡе.

«Альт-Инфо» ахаҭарнак  Гога Кадиӡе  аҳәара ҟаиҵеит дара Урыстәылантә аҧара шроуа зыршаҳаҭуа адокумент аадырҧшырц.

«Ҳхы шымҩаҧаагаша иҳдырҵар ҟалом, уи агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра иашьашәалам.  Урыстәылантә аҧара шсоуа зыршаҳаҭуа документк цәырыргааит. Саргьы Украина аибашьра мҩаҧысуеит ҳәа сгәы иаанагоит,  Урыстәыла Украина ишажәылаз, аха, арҭ ауаа Қырҭтәылагьы аибашьра иалагар рҭахуп», — иҳәеит Гога Кадиӡе.

Озургеҭигьы,  Аконсервативтә ҵысра аофис ахьыҟоу Ҭаҟаишвили имҩаҿы аимак ҟалеит.

Ауааҧсыра аофис аҧхьа еизан,  «Аконсервативтә ҵысра» алахәылацәа Урыстәыла иадгыло ачарҳәаҩцәа ҳәа рзырҳәеит.

«Урыстәылатәи апартиақәа Қырҭтәыла аҧыжәара роуам. Абри аофис адыркаанӡа  акциақәа рымҩаҧгара наҳагӡоит», — ирҳәеит акциа алахәылацәа.

Аҭыҧашҟа азинхьчаҩцәа наргеит.