"Альт инфо" агәыԥ алахәылацәа партиа шьаҭаркит
"Альт инфо" агәыԥ алахәылацәа партиа шьаҭаркит

“Альт инфо” агәыԥ алахәылацәа партиа “Аконсервативтә ҵысра” шьаҭаркит.

Апартиа ахантәаҩыс дҟалоит  Зура Махараӡе, амаӡаныҟәгаҩ хадас – Гиорги Қардава, анапхгара далоуп Иракли Мартыненко. Аизара ду аҿы апартиа аполитикатә планқәа ирыхәаԥшит.

“Ауснагӡатә хадас иҳамоуп Қырҭтәыла атәылауаа реиҳараҩык ринтересқәа аазырԥшуа “аконсервативтә амч” ашьаҭаркра. Иахьазы иҟоу апартиақәа зегьы алибералтәи, арӷьара-либералтәи, армаратәииқәа роуп. Џьоукы Биӡина дыргәаԥхоит, егьырҭ Саакашвили, абри ауп еимактәыс ирымоу. Ҳара еиԥшым аидеологиа змоу апартиа аԥаҳҵоит. Қырҭтәылаҿ алибералтә демократиа ацынхәрас, ақьырсиантә демократиа шьаҭактәуп,” – иҳәеит апартиа “Аконсервативтә ҵысра” ахантәаҩы Зураб Махараӡе.