Ажьырныҳәа 25-26 рзы Қырҭтәыла ихьшәашәарахоит, аха аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, уахынла аҵаа ӷәӷәахоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра ажьырныҳәа 25-26 рзы амш зеиԥшрахо адырра аланарҵәеит.
Ажьырныҳәа 25-26 рзы Қырҭтәыла ихьшәашәарахоит, аха аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, ажьырныҳәа 27 инаркны Қырҭтәыла асоура иаҿызаауеит, – ари аинформациа аланарҵәеит Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра.
Қарҭ ажьырныҳәа 25-26 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, ажьырныҳәа 27 рзы аси ақәеи леиуеит, аҳауа аԥхарра уахынла – -1, -3, ҽынла +4, +6 градус иаҟарахоит.
Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) ажьырныҳәа 25-26 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, ажьырныҳәа 27 рзы ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +6, +11 градус иаҟарахоит.
Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) ажьырныҳәа 25-26 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, ажьырныҳәа 27 рзы аҳауатә лышёшәақәа ҟалоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +4, +6 градус иаҟарахоит.
Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): ажьырныҳәа 25-26 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, ажьырныҳәа 27 рзы асы леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла -1, -3 градус иаҟарахоит.